Гагра араион аҿы ареспубликатә цхыраагӡақәа рзы ахәцҵақәа раԥхьаӡа акәны инагӡаны ишәоуп
16:46 15.07.2026 (ирҿыцуп: 17:15 15.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 15 — Sputnik. Гагра араион аҿы ареспубликатә цхыраагӡақәа рзы ахәцҵақәа раԥхьаӡа акәны инагӡаны ишәоуп. Абри атәы Аԥсны ахада дызлахәыз 2026 шықәса актәи азыбжазы араион ахадара аусуразы аҳасабырба ҟаҵо аилацәажәараан иҳәеит араион ахада Иури Хагәышь.
Иара иажәақәа рыла, арҭ ахықәкқәа ирзырхоуп 18,8 млн мааҭ. Иназыцҵоу ашәарақәа роуит 683-ҩык ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа, 221-ҩык зхала ахшара зааӡо анацәа, Афганистан аибашьра иалахәыз 30-ҩык, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра I агәыԥ аинвалидцәа 30-ҩык.
Уи адагьы, ахыбқәа реиҭашьақәыргыларазы апрограмма сынтәа иазоужьуп 12 млн мааҭ. Уаанӡатәи ашықәсқәа ирылагӡаны араион аҿы шамахамзар аҳәынҭқарратәи, аҵаратәи, акультуратәи усҳәарҭақәа зегьы рхыбқәа рыԥсахит. Арҭ ахықәкқәа ирзырхан 93,3 млн мааҭ.
Иахьатәи аамҭазы ақалақьқәа рҿы аҩнеихагылақәа рхыбқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит, иара убас ақыҭақәа руааԥсыра иҟарҵо аҳәарақәа рыла ахыбқәа шьаҭанкылатәи реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.