2026 шықәса актәи азыбжазы Гагра араион аҿы 65 цәгьоура ашәҟәы иҭагалан
18:59 15.07.2026 (ирҿыцуп: 19:43 15.07.2026)

© Sputnik / Алексей Филиппов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 15 — Sputnik. 2026 шықәса актәи азыбжазы Гагра араион аҿы 65 цәгьоура ашәҟәы иҭагалан, урҭ рахьынтә 60 аарԥшын ҳәа иҳәеит Гагра араион апрокурор Омар Ҳагба атәыла ахада Бадра Гәынба дызлахәыз Гагра араион ахадараҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, 2025 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ашәҟәы иҭагалан 58 цәгьоура, иаарԥшын — 48.
Ацәгьоурақәа рыхкқәа — аӷьычра, арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара, амҩатә машәырқәа.
Гагра араионтә ӡбарҭаҿы 2026 шықәса актәи азыбжазы 47-ҩык рганахь ала 46 шьауӷатә ус ирыхәаԥшын. Урҭ рахьынтә жә-цәгьоурак ихьанҭоуп, ҷыдала ихьанҭоуп ҳәа иалкаауп, 26 – рыҩаӡара бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Гагра араион азинхьчаратә усбарҭақәа русураҿы уадаҩра хадақәаны ҳәа Ҳагба иаликааит аматериал-техникатә базеи, акадрқәеи, ауалафахәы лаҟәи разымхара. Аха, иара иажәақәа рыла, араион аҿы акриминогентә ҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы, хылаԥшра аманы иаанхоит.