Аԥсны ақалақьтә маршруттә таксиқәа рыла амҩақьыра ахәԥса аамҭала 50 мааҭ рҟынӡа ишьҭырхит
19:20 15.07.2026 (ирҿыцуп: 19:49 15.07.2026)

© Foto
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 15 — Sputnik. Аԥсны ақалақьтә маршруттә таксиқәа рыла амҩақьыра ахәԥса аамҭала 50 мааҭ рҟынӡа ишьҭырхит.
Абри азы ақәҵара аднакылеит ареспублика Аминистрцәа реилазаара.
Ақалақьҩныҵҟатәи амҩақьыра ахәԥса ҿыцқәа алагалоуп ԥхынгәы 15 инаркны жьҭаарамза 1-нӡа.
Амҩақьыра ахәԥса иара убасгьы еизҳаит автобусқәа рыла амаршрутқәа рҿгьы, уи 20 мааҭ рахь ишьҭыхуп.
Ақалақь иаԥну амаршрутқәа рзы автобусқәа рҿы апассаџьыр-километр азы 2,33 мааҭ атариф шьақәыргылоуп, амикроавтобусқәа рҿы 4,53 мааҭ. Ақалақьбжьаратә маршрутқәа рҿы амҩақьыра автобусқәа рыла апассаџьыр-километр азы 2,20 мааҭ иаԥсахоит, 3,72 мааҭ — амикроавтобусқәа рҿы.
Аекономика аминистрраҿы ишеилдыркааз ала, аӡбамҭа зыдҳәалоу абылтәы-хьшьтәы материалқәа рџьармыкьаҿы иҟоу аҭагылазаашьеи аиагаҩцәа егьырҭ рныхрақәа реизҳареи роуп. Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит атариф ҿыцқәа аамҭалатәи аҟазшьа шрымоу, жьҭаара 1 рҟынӡа аус шыруло. Ари аамҭа иалагӡаны аминистрра аџьармыкьаҿы иҟоу аҭагылазаашьа иацклаԥшлоит, уи ашьҭахь урҭ раԥыхразы ма рыҿҳәара ацҵаразы аӡбамҭа аднакылоит.