Хана Гәынԥҳа Примаков игимназиаҿы аԥхынтәи алагер иаҭаз ашколхәыҷқәа дырԥылеит
15:41 16.07.2026 (ирҿыцуп: 16:17 16.07.2026)

© Foto / Video screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 16 — Sputnik. Аԥсны Аҵара аминистрр Хана Гәынԥҳа Москватәи аобласт, Примаков игимназиаҿы аԥхынтәи алагер иаҭаз ашколхәыҷқәа дырԥылеит.
Аиԥылара мҩаԥысит аҟәатәи актәи абжьаратә школ ахыбраҿы.
Гәынԥҳа иазгәалҭеит аԥснынтәи асасцәа рзы ашкол аҟынтәи хра злоу ахҳәаақәа шааз, аҵаратә дисциплинақәа рзы еиԥш, аспорт аҿгьы ибзианы рхы шаадырԥшыз.

"Сгәанала, шәара акыр шәдухахьеит, шәахьыҟазаалакгьы шәкультура ииашаны ишаарԥштәу здыруа қәыԥшцәоуп", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥсны азы ари раԥхьатәи хҭысуп — ас еиԥш ахьӡ-аԥша змоу аҵаратә усҳәарҭахь ахәыҷқәа аԥышәахысра ианцаз ҳәа азгәалҭеит Гәынԥҳа.
Аныҟәара еиҿикааит, ахарџьқәагьы ихахьы игеит анаплакҩы Алиас Гәазаа. Иара агәыӷра ааирԥшит ас еиԥш аԥшьгарақәа рыцҵара алыршахап ҳәа.
"Ари Урыстәыла иналукааша аҵаратә усҳәарҭақәа ируакуп, уаҟа 90% инареиҳаны ахәыҷқәа Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәеи иреиӷьу аҵараиурҭақәа ирҭалоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аныҟәара иазку рцәаныррақәа ҳацеиҩыршеит ахәыҷқәагьы. Урҭ даара иргәаԥхеит аробототехникеи, 3D-модельҟаҵареи, анџьнырреи рзы аурокқәа.