Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу л-аппарат 300 инареиҳаны адҵааларақәа аус рыднаулеит
16:33 16.07.2026 (ирҿыцуп: 17:03 16.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариаԥҳа лыпресс-конференциа мҩаԥысит ԥхынгәы 16 рзы "Аԥсуа телехәаԥшраҿы".
АҞӘА, ԥхынгәы 16 — Sputnik. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу л-аппарат 300 инареиҳаны адҵааларақәа аус рыднаулеит хышықәса рыҩнуҵҟа ҳәа АТ аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны илҳәеит аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа.
2023 шықәсазы иҟан 68 дҵаалара, 2024 шықәсазы — 103, 2025 шықәса — 90. 2026 шықәса фымз рыҩнуҵҟа урҭ 50 рҟынӡа ыҟан ҳәа азгәалҭеит Кьышьмариаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, атәылауаа шамахамзар апрофильтә зҵаарақәа шьҭырхӡом, аха аппарат аҟазауаа рҽазыршәоит зегьы ацхыраара рыҭара, аинформациа еизганы ауаҩы изҵаара аӡбаразы "амҩатә хсаала" ашьақәыргыларазы ицхраарагьы уахь иналаҵаны.
Анас Кьышьмариаԥҳа иазгәалҭеит, апсихиатриатә цхыраара аҭара ахылаԥшра, ариашара-шьақәыргыларатә усҳәарҭақәа рҿы аҭагылазаашьақәа агәаҭара, аҭаацәара-бзазаратә қәымчра ахҭысқәа рықәҿыҭра — ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу л-аппарат анапы злаку азҵаара хадақәа хԥа роуп ҳәа.
Арҭ ариашарақәа аус рыдулоуп, Апарламент адепутатцәа ахәаԥшразы ирыдгалахоит. Дара азырхиоуп аппарат ахаҭарнакцәа аимадара бзиа ахьрымоу Киргизиа азакәанԥҵара аҿырԥшы ахархәарагьы уахь иналаҵаны.
"Ҳара лассы-лассы урҭ рԥышәа шьҭаҳкаауеит, азакәанԥҵаратә базақәа рҿы ҳхы иаҳархәаша ҳаԥшаауеит, лассы-лассы иаабоит аиҿырԥшрақәа даара рацәаны ишыҟоу, рԥышәа ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит", — лҳәеит лара АТ аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциа аҟны.