Очамчыра араион иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ауаҩы дҭахеит
18:08 16.07.2026 (ирҿыцуп: 18:45 16.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 16 — Sputnik. Очамчыра араион иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ауаҩы дҭахеит.
Аахақәа роуит даҽа аа-ҩык. Хҩык амедцхыраара аныҟарҵа ашьҭахь иоурышьҭит, хәҩык ахәышәтәырҭаҿы иаанхоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
Иҟалаз ахҭыс азы адырра ҟалеит ахаша асааҭ 22:00 рзы. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, 21 шықәса зхыҵуа амашьына "Лексус" арныҟәцаҩ даҽа машьынак аԥысраан амашәыр ҟаиҵеит.
Амашьынақәа рыҩбагьы ирԥылоз ацәаҳәахьы иианагеит, амҩа аҿықәан идыргылаз даҽа машьынак иасит. Ахԥатәи амашьына апассаџьыр иԥсҭазаара далҵит ахәшәтәырҭахь амҩа ишықәыз.
"Лексус" арныҟәцаҩ арыжәтә ыжәны дыҟамызт ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба. Аусҭҵаара рнапы алакуп Очамчыра араион азинхьчаратә усбарҭақәа.