00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
2 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ ахада Бадра Гәынба агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит

© telegram sputnik_apsny_infoАԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа Аԥсны ахада Бадра Гәынба агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит
Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа Аԥсны ахада Бадра Гәынба агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа Аԥсны ахада Бадра Гәынба агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи азеиԥш лахьынҵеи, апатуеиқәҵареи, шықәсырацәалатәи аидгылареи шьаҭас измоу аҭоурых-еишьаратә еизыҟазаашьақәа ишеидырҳәало.

"Ҳреспубликақәа жәларбжьаратәи разхаҵара ашьақәгылараз имариамыз амҩа ҳаицанысит. Иахьа аполитикатә еицәажәарақәа рырӷәӷәара, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә, акультуратә усеицура рырҿиара ҳаҿуп", — иҳәеит Гәынба.

Аҳәынҭқарра ахада агәрагара ааирԥшит ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иусура аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа ԥхьаҟатәи рыҿиара ишацхраауа.

Кациа иазгәеиҭеит иахьа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа азеиԥш беиарақәа рыдагьы астратегиатә еизыҟазаашьақәагьы ахырхарҭа шрырҭо.

"Цҳаражәҳәаҩык иҳасабала сусураҿы сара сҽазысшәалоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиареи рырҵаулареи, аполитика аишьаршәалареи, ҳтәылақәа реизҳазыӷьаразы Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи", — иҳәеит иара.

Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Асҭамыр Кациа 2025 шықәса нанҳәамзазы зыԥсҭазаара иалҵыз Олег Боциев имаҵураҿы диԥсахит. Кациа цҳаражәҳәаҩыс иҟаларазы аусԥҟа анапы аҵаҩын хәажәкырамзазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0