00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
18:59
1 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
21:59
1 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәынба дырԥылеит Абжьгаратә хеилак алахәылацәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи

© telegram sputnik_apsny_infoАтәыла ахада дырԥылеит Аконсультативтә хеилак алахәылацәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Виачеслав Гладкови
Атәыла ахада дырԥылеит Аконсультативтә хеилак алахәылацәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Виачеслав Гладкови - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Атәыла ахада дырԥылеит Аполитикатә мчқәа рабжьгаратә хеилак алахәылацәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Виачеслав Гладкови.

Уи амҩаԥгара аԥшьгаҩ Бадра Гәынба иоуп.

Аиԥылара иалахәын аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аполитикатә партиақәа "Амцахареи" "ФНЕАи" рхантәаҩцәа Алексеи Цыгәбеи Аслан Барцыци, апартиа "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы Алхас Барзаниа, апартиа "Аиҭаира" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиан Бобуа, "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәлар рымч" ахантәаҩы Ҭемыр Надараиа.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, зҵаарақәак рзы агәаанагарақәа шеиԥшымгьы, Аԥсны ауаажәларра-политикатә мчқәа ахьыԥшымреи, акультуреи, амилаҭтә беиарақәеи реиқәырхара азҵаарақәа рҿы иаӡәыкны ишыҟоу, иара убас Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырҿиара ишадгыло.

Ареспублика аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхадацәа рпозициақәа ртәы рҳәеит, актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәеит. Аганқәа аконструктивтәи аиҩызаратәи ҭагылазаашьа аманы азҵаарақәа жәпакы рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аполитикатә мчқәа рабжьгаратә хеилак Аԥсны ахада иҟны иаԥҵан 2026 шықәса лаҵарамзазы ауаажәларра реидкылара хықәкыс иҟаҵаны. Ахеилак атәыла аҿиареи, уи ахьыԥшымреи рырӷәӷәареи рызҵаара хадақәа рыӡбаразы апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи зегьы рымчқәа ахьеидыркылаша ҭыԥны иҟалароуп ҳәа иазыԥхьагәаҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0