Аԥсны иҟоу УрА аусзуҩцәа Нона Мол-оӷлы 90 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит
17:34 17.07.2026 (ирҿыцуп: 18:49 17.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа Аҟәа инхо Ленинград аблокада зхызгаз Нона Мол-оӷлы 90 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы ланеишьеит.
"Шәара Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иацу ахьанҭарақәеи аԥышәара дуқәеи шәырхысны амацәаз иҭакыз Ленинград шәыҟан. Ари амш аҽны гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара ӷәӷәа, ашықәс рацәа, ишәзааигәоу рҟынтәи аиҷаҳара", — иҳәеит Литвинов.
Нона Мол-оӷлы дхәыҷын Ленинград аблокада инҭакыз, лара заҵәык лоуп аблокада зхызгаз рҟынтәи иахьазы Аҟәа инхо. Аԥсныҟа нхара ҳәа дааит аҭаацәара даналала ашьҭахь. Араҟа даҽа еибашьрак лхылгеит — Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра.