Актәи аканал амҩаԥгаҩ Никита Пименов Аԥсны АИХ-қәа рхаҭарнакцәа рзы аҟаза-икласс мҩаԥигеит
14:50 18.07.2026 (ирҿыцуп: 16:22 18.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Актәи аканал амҩаԥгаҩ, атеатри акинои рактиор Никита Пименов Аԥсны АИХ-қәа рхаҭарнакцәа рзы аҟаза-икласс мҩаԥигеит Аҟәа.
Ажурналист ишиашоу ицо аефир аҟны иусуратә ԥышәа еиҭеиҳәеит, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан ииҳәара иҿамшәо данаанхоз, адырраҭара иҽшазыҟаиҵаша, акадр аҿы игәы шымҿыӷьша, ахәаԥшҩы илаԥш дшыҵашәаша рзы акәамаҵамақәа дырзааҭгылеит.
Аҟаза-икласс аҩбатәи ахәҭа азкын аинтервиу — азҵаарақәа шазырхиатәу, афырхацәа шалхтәу, аинтервиу ииашаны ишгатәу, аиҳабы ишиацәажәатәу.
Пименов иазгәеиҭеит аҟаза-икласс алахәылацәа аус рыцраан хыԥхьаӡара рацәала азҵаарақәа, азеиӷьашьарақәа, ахҳәаақәа, азгәаҭақәа шиоуз.
Ауснагӡатә еиҿыркааит Москва Аиҳабыра, адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа рзы Москва адепартамент, москватәи аицџьынџьуаа рыҩни.