Ахыци ахәымпали рыла ахысразы жәларбжьаратәи атурнир аатит Пицунда
15:25 18.07.2026 (ирҿыцуп: 16:23 18.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Ахыци ахәымпали рыла ахысразы жәларбжьаратәи атурнир "Абаӡехаа рыхҿа. Аԥсны — Адыгеиа" аатит Пицунда.
Аицлабрақәа ирылахәуп 34-ҩык аспортсменцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аиашьаратә республика ахаҭарнакцәа 11-ҩык.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба атурнир алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, амилаҭтә спорт хкқәа реиқәырхареи рырҿиареи аҵак ду шамоу азгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу акультуратә еимадарақәеи амилаҭтә традициақәеи рырӷәӷәара ишацхраауа иҳәеит.
"Ҳара иаҳзеиԥшу усуп амилаҭтә спорт хкқәа адгылара рыҭареи рырҿиареи. Иахьатәи атурнир иалахәу ҳашьцәа ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит. Аиашьаратә еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа ҳаидырҳәалоит, аӡәи-аӡәи ҳаицхыраалар ԥхьаҟа ацара ҳалшоит", — иҳәеит Ҳагба.
Аспортсменцәа х-дисциплинак рыла еицлаблоит: ацәҟьа азааигәахареи ахьаҵреи рыла ахысра, анаӡарахь ахысра, аҭыԥ аҟынтәи ахысра.
Апрограмма хада анаҩсан изҭаху зегьы алшара рымазаауеит шә-метрак рҟынтәи рхы иақәиҭны ахысра.