Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Евдокиа Котлиарова
16:30 18.07.2026 (ирҿыцуп: 17:31 18.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Евдокиа Котлиарова.
Лара 96 шықәса лхыҵуан.
Евдокиа Ефим-иԥҳа аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргеит Гагра араион анапхгара, Араионтә Еизара адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа, Аҟәа иҟоу Москва Аҩны, ауаажәларра, абри атәы аанацҳауеит Гагратәи ателехәаԥшра.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Евдокиа Котлиарова Ростовтәи аобласт аҿы илыхьӡеит. Ақыҭа анемеццәа рнапаҿы иҟан, жәеиза шықәса зхыҵуаз аӡӷаб лабду длыцны апартизанцәа дрыцхраауан, ақыҭауаа рҟынтә асалам шәҟәқәа рызналгон.
Аиааира агараҿы ллагала азы Евдокиа Котлиарова Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран ҳәа дыԥхьаӡан. Лара лгәалашәарақәа Sputnik иазеиҭалҳәахьан.
Ажьырныҳәа 11 рзы Гагра, Котлиарова луада амца акит. Атәанчаҩԥҳәыс деиқәирхеит Узбекисҭан атәылауаҩ Фухриддин Суиаров. Араион ахадара луадақәа аремонт аҟаҵара иацхрааит.