Жәларбжьаратәи атурнир "Абаӡехаа рыхҿа" аҿы аиааира згаз еилкаахеит
20:18 18.07.2026 (ирҿыцуп: 20:44 18.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Пицунда имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атурнир "Абаӡехаа рыхҿа" аҿы аиааира згаз еилкаахеит.
Аиҳабыратә гәыԥ аҟны аиааира игеит Руслан Ҳакуи. Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Александр Кациа, ахԥатәи — Хусеин Даур ҳәа аанацҳауеит Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
18 шықәса зхымҵыц алахәылацәа рыбжьара ахьтәы медал ланашьахеит Кира Ҭраԥшь, араӡны медал — Ерасҭ Антелаа, аџьаз медал — Аслан Шевоцуков.
Аиҵбыратәи гәыԥ аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит Леон Шьынқәба, аҩбатәи — Расҭа Кәыҵниа, ахԥатәи — Лука Ҳараниа.
Аицлабрақәа хаҭалатәи азшьаҿы имҩаԥысуан, х-дисциплинак рыла: ацәҟьа азааигәахареи ахьаҵреи рыла ахысра, анаӡарахь ахысра, аҭыԥ аҟынтәи ахысра.
Ахыци ахәымпали рыла ахысразы жәларбжьаратәи атурнир "Абаӡехаа рыхҿа. Аԥсны — Адыгеиа" аатит Пицунда. Аицлабрақәа ирылахәуп 34-ҩык аспортсменцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аиашьаратә республика ахаҭарнакцәа 11-ҩык.