Ацәгьоуратә гәыԥқәа рхадацәа руаӡәк даанкылан Гәылрыԥшь араион аҿы
21:24 18.07.2026 (ирҿыцуп: 21:27 18.07.2026)

© flickr.com / Jordan Gillespie
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Ацәгьоуратә гәыԥқәа рхадацәа руаӡәк даанкылан Гәылрыԥшь араион аҿы.
Уи 70 шықәса зхыҵуа Гал инхо Мурман Лемонџьаа иоуп.
Лемонџьаа даанкылан аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша ашьаусԥшаара аусзуҩцәа Дранда ақыҭан имҩаԥыргаз аоператив-гәаҭаратә уснагӡатәқәа раан.
Уи аԥхьа Аԥсны АшәМ иаанацҳаит ацәгьоуратә гәыԥқәа рхадацәеи рлахәылацәеи ԥшьҩык аанкылан ҳәа.