https://sputnik-abkhazia.info/20260719/1064461390.html
Бадра Гәынба Никарагуа аицхадацәа Сандинисттә револиуциа Амш рыдиныҳәалеит
Бадра Гәынба Никарагуа аицхадацәа Сандинисттә револиуциа Амш рыдиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 19 — Sputnik. Бадра Гәынба Никарагуа аицхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои Сандинисттә револиуциа Амш рыдиныҳәалеит.Аԥсны ахада ари амш... 19.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-19T18:24+0300
2026-07-19T18:24+0300
2026-07-19T18:43+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/0e/1062994925_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_b8b3862749dcd818b7f370c929c1dfc4.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 19 — Sputnik. Бадра Гәынба Никарагуа аицхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои Сандинисттә револиуциа Амш рыдиныҳәалеит.Аԥсны ахада ари амш аиашареи, амилаҭтә ламысреи ахьыԥшымреи рзы рықәԥара иасимволуп ҳәа ахиҳәааит.Гәынба аицхадацәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара ӷәӷәеи агәацԥыҳәареи, Никарагуа ажәлар зегьы — аҭынчра, аҭышәынтәалара, акзаара, аизҳазыӷьара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/0e/1062994925_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_0046a6bb58aa9106e981f14a00cde6cb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
Бадра Гәынба Никарагуа аицхадацәа Сандинисттә револиуциа Амш рыдиныҳәалеит
18:24 19.07.2026 (ирҿыцуп: 18:43 19.07.2026) АҞӘА, ԥхынгәы 19 — Sputnik. Бадра Гәынба Никарагуа аицхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои Сандинисттә револиуциа Амш рыдиныҳәалеит.
Аԥсны ахада ари амш аиашареи, амилаҭтә ламысреи ахьыԥшымреи рзы рықәԥара иасимволуп ҳәа ахиҳәааит.
"Ари аныҳәа аҵакы ҳзааигәоуп, еилаҳкаауеит убасҵәҟьа аџьабаа баны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзықәԥаз Аԥсны иқәынхо ажәларқәагьы. Ҳара гәык-ԥсыкала ахә ҳаракны иаҳшьоит аԥсуа-никарагуатә еизыҟазаашьақәа иҳарҭаз аҩаӡара. Агәра ганы сыҟоуп, ҩ-ганктәи ҳаимадарақәа аринахысгьы аҿиара шроуа, ҳтәылауаа ринтересқәа инарықәыршәаны", — ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Гәынба аицхадацәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара ӷәӷәеи агәацԥыҳәареи, Никарагуа ажәлар зегьы — аҭынчра, аҭышәынтәалара, акзаара, аизҳазыӷьара.