"Аԥсны акоманда" латәарадатәи агәаҭара актәи ахәҭа хыркәшахоит ԥхынгәы 27 рзы
12:36 20.07.2026 (ирҿыцуп: 14:14 20.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аицлабра аҩбатәи асезон азы ашәҟәы иҭагалоуп 3384-ҩык алахәылацәа.
АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik. Аицлабра "Аԥсны акоманда" латәарадатәи агәаҭара ахысра актәи ахәҭа хыркәшахоит ԥхынгәы 27 рзы.
Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа ҩ-тестк нарыгӡараны иҟоуп: аиҿкааратә усмҩаҧгареи Аԥсны иазку азеиԥш дыррақәеи рзы. Убри аан аԥышәара хада аламҭалаз адҵақәа рформат еиӷьны аилкаара алзыршо адемонстрациатә ҿырҧштәқәа ҟалоит.
Нанҳәамзазы алахәылацәа рнапхгараҭаратә лшарақәа ахәшьара аҭара иазырхоу онлаин-тестқәа аҩбатәи рыхәҭа рзыԥшуп.
Латәарадатәи ахәҭа аихшьаалақәа рыла, иалкаахо алахәылацәа ааԥхьара рыҭахоит 2026 шықәса цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рзы имҩаԥысраны иҟоу латәаралатәи афинал ахь. Афиналистцәа анапхгараҭаратә компетенциақәа комплексла рыхәшьара иахысуеит, аицлабратә ԥышәарақәа ирылахәхоит.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" мҩаԥысуеит АНО "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" ацхыраарала. Уи хықәкыс иамоуп аҟыбаҩ змоу анапхгаҩцәа раарԥшра, ареспублика акадртә резерв ашьақәыргылара, Аԥсны аҿиара аҽалархәра иазхиоу аԥшьгаратә уаа рыдгылара.