Аԥснытәи аделегациа афорум "Аҵакқәа рҵакыра" иалахәхоит
14:24 20.07.2026 (ирҿыцуп: 14:29 20.07.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
Афорум мҩаԥгахоит ԥхынгәы 20 инаркны нанҳәа 6 рҟынӡа.
АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik. Аԥснытәи аделегациа афорум "Аҵакқәа рҵакыра" иалахәхоит.
Ареспублика аҟынтәи аҿартә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, аҿартә политика аусхк аҟны активистцәа хәҩык, ԥхынгәы 20-24 рзы "Сенеж" имҩаԥысраны иҟоу "Акзаара" алахәхаразы амҩа иқәлеит.

"Сгәыӷуеит иҿыцу ацәаныррақәеи сыԥсадгьыл аҿы схы иасырхәаша аԥышәа бзиеи соуп ҳәа", — азгәеиҭеит афорум алахәыла Нестор Касланӡиа.
Аделегациа ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит, дара рзы ишхықәкы хадоу Аԥсны ишахәҭоу ацәыргара, ареспублика аӡбахә еиҳа еиӷьны аиҭаҳәара.
"Аҵакқәа рҵакыра" — Росмолодежь аԥшьгарала есышықәса "Сенеж" имҩаԥысуа урыстәылазегьтәи аҿартә ҵаратә аԥхынтәи форумуп.
Иара х-хәҭакны еихшоуп: "Акзаара", "Аиаша", "Аԥсадгьыл". Урыстәыла зегьы аҟынтәи 3000-ҩык алахәылацәа еизнагеит. Афорум мҩаԥгахоит ԥхынгәы 20 инаркны нанҳәа 6 рҟынӡа.