Сергеи Габелиа иусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы
14:44 20.07.2026 (ирҿыцуп: 14:49 20.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа мҩаԥгахоит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ԥхынгәы 22 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik. Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Сергеи Габелиа иусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ԥхынгәы 22 рзы.
Аекспозициаҿы ицәыргахоит асахьаҭыхҩы иҭаацәа иааргаз аусумҭақәа. Аҟаза исахьақәа рӷьырак 2024 шықәсазы Амилаҭтә галереиаҿы иҟаз амцакра иалаблит.
Ацәыргақәҵа леитмотивс иазыҟалеит асахьаҭыхҩы ирҿиара атема хадақәа — Аԥсны аԥсабара, ауаа, урҭ рыбзазара, рҭоурых, ртрадициақәа, ркультура еидызкылаз асахьа "Аԥсуа увертиура".
Аекспозициаҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит амҳаџьырра атема иазку инагӡам амонументалтә сахьа.
Сергеи Габелиа (1939-1997) – Аԥснытәи АССР Жәлар рсахьаҭыхҩы, 1975-1997 шықәсқәа рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы, Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭа раԥхьатәи адиректор. Ирҿиара иадыргоуп: амилаҭтә колорит лаша, еилыхха иҟоу афактура, аԥшшәи акомпозициеи ҟазарыла рхархәара.