Лаша Ашәбеи Виачеслав Гладкови реиԥылара мҩаԥысит Апарламент аҿы
10:57 21.07.2026 (ирҿыцуп: 13:31 21.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 21 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови реиԥылара мҩаԥысит Апарламент аҿы.
"Уаанӡатәи шәусура иазкны иаадыруа рацәоуп, Аԥсны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс шәахьыҟалаз ҳаигәырӷьоит. Агәраганы ҳаҟоуп шәхатә ҟазшьақәа аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ашьҭыхреи, шәаԥхьа ари амаҵура ныҟәызгоз ишьҭарҵахьаз атрадициа бзиақәа реиқәырхареи ишрыцхраауа", — азгәеиҭеит Ашәба.
Аганқәа Урыстәылеи Аԥсни русеицура азҵаара хадақәа ирылацәажәеит, аҳәынҭқаррабжьаратә еинырра азы ирыдыркылахьоу аусшәҟәқәа уахь иналаҵаны рҿаԥхьа ишьҭоу аусура амҽхак ду азгәарҭеит.