Аҳәынҭдума 2026-2030 ш. асоциал-економикатә ҿиара аҳәынҭпрограмма шьақәнарӷәӷәеит
13:06 21.07.2026 (ирҿыцуп: 17:12 21.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 21 — Sputnik. Аҳәынҭдума 2026-2030 шықәсқәа рызтәи асоциал-економикатә ҿиара аҳәынҭпрограмма анагӡараҿы ацхырааразы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.
Аусшәҟәы анапы аҵаҩын 2025 шықәса ԥхынҷкәын 27 рзы Москва. Иара иазгәанаҭоит афинцхыраара аԥарақәа рзоужьхар шалшо аҵареи, аҿартә политикеи, ахәыҷқәа рааӡареи, акультуратә еиҭныԥсахлареи атуризми рганахьала аусеицура, иара убас АҶА, апрокуратура, Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзура русзуҩцәа рзы аԥара рызшәареи ршәарацҵақәеи.
Иара убас, Аԥсны инхо урыстәылаа ирыхәҭоу ахәшәқәа рыҭаразы аҭакԥхықәра рыдуп аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа ҳәа азгәаҭоуп.