"Лыхны-110" аҟынтәи ацәаҳәа "Хыԥсҭа" амҩангара мызкы иалагӡаны ихыркәшахоит
17:38 21.07.2026 (ирҿыцуп: 17:52 21.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 21 — Sputnik. Афымцеихшарҭа маҷ "Лыхны-110" аҟынтәи ацәаҳәа "Хыԥсҭа" амҩангара мызкы иалагӡаны ихыркәшахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
Аусурақәа рӷьырак нагӡоуп. Ацәаҳәа ахархәарахь ианрырҭалак ашьҭахь ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәа — Хыԥсҭа, Жәандәрыԥшь, Мгәыӡырхәа фымцамчла реиқәыршәара акыр еиӷьхоит.
Џьынџьал иажәақәа рыла, афымцалашара ахаҭабзиара аиӷьтәреи ауааԥсыра еиԥҟьарада фымцалашарала реиқәыршәареи ирзырхоу ас еиԥш иҟоу аусурақәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысуеит.
Уи инаваргыланы аҩнеихагылақәа рҿы афымцамчԥхьаӡага ҿыцқәа рышьақәыргылара иаҿуп.