00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭдума 2026-2030 шықәсқәа рызтәи асоциал-економикатә ҿиара аҳәынҭпрограмма анагӡараҿы ацхырааразы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит. Аусшәҟәы анапы аҵаҩын 2025 шықәса ԥхынҷкәын 27 рзы Москва. Иара иазгәанаҭоит афинцхыраара аԥарақәа рзоужьхар шалшо аҵареи, аҿартә политикеи, ахәыҷқәа рааӡареи, акультуратә еиҭныԥсахлареи атуризми рганахьала аусеицура, иара убас АҶА, апрокуратура, Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзура русзуҩцәа рзы аԥара рызшәареи ршәарацҵақәеи.Иара убас, Аԥсны инхо урыстәылаа ирыхәҭоу ахәшәқәа рыҭаразы аҭакԥхықәра рыдуп аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа ҳәа азгәаҭоуп.
Аԥсни Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа рызхаҵаразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәеит Аҳәынҭдума аҿы.Ари аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра Аԥсны Жәлар Реизараҟны ишьақәырӷәӷәан мшаԥы 21 рзы.Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Москва ԥхынҷкәын 18 2025 шықәсазы. Аиқәшаҳаҭра ишьақәнаргылоит аҩтәылак рҿы иранашьоу аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәеи рдокторцәеи рыҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа наҟ-ааҟ разхаҵара, урҭ змоу азин рнаҭоит еиҳа иҳараку аҩаӡара аиуреи, иара убас даҽа ҳәынҭқаррак аҵакыраҿы азанааҭтә усура амҩаԥгареи.
Афонҿыцтәи адәыӷба аанҿасырҭа ахаҿра аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа хыркәшоуп иҳәеит Аԥсны аихамҩақәа рынџьныр хада Леонид Ҟәыруа."Ахыб еиҿкааны игылоуп, аҩнуҵҟатәи аусқәа реиԥш адәыхьгьы еиҿаҳкааит. Аанҿасырҭа аҷаԥшьаҩ иуада, аԥшырҭеи, атранспорттә милициа аусзуҩцәа руадеи, абилетқәа рыҭирҭақәеи, аусзуҩцәа руадақәеи еиҭашьақәыргылан", — иҳәеит Ҟәыруа.
Аҟәатәи аплиажқәа рҟны агәҽанҵаратә ҭаӡҩырақәа дыргылеит.Аӡхәыҵалаҩцәа амшынҭалара аамҭа иалагаанӡа есышықәса абаӷәаза аҵа гәарҭоит.Урҭ аӡааҟәрылареи аҽыкәабареи азин ахьыҟам ишәарҭоу аҭыԥқәа азгәарҭеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара.Иара убас ақәаршыҩқәа амшын иахьалало аҭыԥқәа рҿы рҽырымкәабаларц азы абжьгарақәа ҟаҵоуп.Ақалақь аиҳабыра атәылауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит аԥкрақәа ирықәныҟәаларц, аҭаӡҩырақәа рықәгаразы административтә ҭакԥхықәра шыҟоу азгәарҭеит.
XXIV афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Аҟәа иаатуеит аџьазтә премиера ала.Аконцерт мҩаԥгахоит нанҳәамза 2 рзы Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Апрограмма иалоуп аџьазтә аранжировкақәа зызу асоветтә шәақәа.Афестиваль аԥсуа хәҭаҟны иазгәаҭоуп даҽа ҩ-концертк. Нанҳәа 5 рзы аусмҩаԥгатә мҩаԥгахоит Бедиатәи аныхабаа аҿаԥхьа, нанҳәа 8 рзы — Пицундатәи ауахәамаҿы. Ари ахәылԥаз Хьыбла Гьерзмааԥҳа лырҵаҩы Жозефина Бумбуриди лгәалашәара иазкуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0