Ҵәыџьбеи Гладкови Аԥсны ашәарҭадара аиҿкаара ахырхарҭала аусеицура иалацәажәеит
18:08 21.07.2026 (ирҿыцуп: 21:13 21.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 21 — Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьбеи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови ашәарҭадара аиҿкаараҿы аусеицура атәы иалацәажәеит.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ареспублика атәылахьчара алшарақәа рырӷәӷәара, ар реицазыҟаҵара, ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара азҵаарақәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы ихадоу факторны иаанхоит. Агәраганы сыҟоуп, Виачеслав Владимир-иԥа инапхгараҭаратә ԥышәа иабзоураны ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ганрацәала аинырра ӷәӷәахоит ҳәа", — азгәеиҭеит Ҵәыџьба.
Гладков иазгәеиҭеит Аԥсны адгылара аусхк аҟны Урыстәыла амҩа ԥсахрада ишаанхо, хаҭала аусеицура дшазыхиоу.