Аԥсны Апарламент адепутатцәа аԥсышәала аҭоуба шьҭарҵалоит
14:31 22.07.2026 (ирҿыцуп: 14:52 22.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 22 — Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа аԥсышәала аҭоуба шьҭарҵалоит.
Апарламентарицәа аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарала аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иаԥшьгара иадгылеит, Жәлар Реизара адепутат истатус азы азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.
Азакәан апроект инақәыршәаны, иалху адепутатцәа рмаҵура иахагылаанӡа Аԥсны Аконституциеи ажәлари гәык-ԥсыкала ишырзыҟоу азы аҳәынҭқарратә бызшәа – аԥсуа бызшәала аҭоуба шьҭарҵалоит. Уаанӡа рзинмчхарақәа рынагӡара изалагом.
Аҭоуба аҳәынҭқарратә – аԥсуа бызшәала мацара ирҳәалоит. Аҭоубашьҭаҵара мап ацәызкыз, мамзаргьы ари апроцедура иахымсыз адепутат изинмчхарақәа рынагӡара дзалагом.
Апарламент аҿы аҳәынҭқарра ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба, аҭоуба аинститут атәыла ахадеи, аӡбаҩцәеи, иара убас амчратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи рганахьала аус ауеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аҭоуба ашьҭаҵара аԥҟареи уи атексти шьақәнарӷәӷәоит Апарламент.