Аԥсны аенергетика аминистрреи "Амшынеиқәафымцамчи" рделегациа Ҭаҭарсҭан атехнопарк иаҭааит
15:36 22.07.2026 (ирҿыцуп: 17:06 22.07.2026)

© Sputnik / Максим Богодвид
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 22 — Sputnik. Аԥсны аенергетика аминистрреи "Амшынеиқәафымцамчи" рделегациа Ҭаҭарсҭан атехнопарк "Искра-Волга" иаҭааит.
Ареспублика ахаҭарнакцәа Ҭаҭарсҭан рхы иадырхәоу аинтеллектуалтә ҳасаббаратә хархәагақәа раԥҵара ацикл наӡа ддырбеит, иара убас егьырҭ афымцамаругақәеи, акабельтә системақәеи, аҭарчыгатә станциақәеи рҭыжьшьа ддырбеит ҳәа аанацҳаит Аенергетика аминистрра.
Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иазгәеиҭеит, русутә ныҟәара ишалнаршаз ԥхьаҟатәи аусеицуреи ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ареспублика аенергетикатә усхк ралагалареи рзы алшарақәа ахәшьара рыҭара.
"Ҳара иаабеит ҳреспубликаҿы активла иқәдыргылахьоу аинтеллектуалтә ҳасаббаратә хархәагақәа реибыҭара, реидкылара, рҭыжьра шымҩаԥысуа. Атехнологиатә цәаҳәа зегь ҳдырбеит – ахәҭақәа инадыркны ихиоу аалыҵ аҟынӡа", — иҳәеит иара.