https://sputnik-abkhazia.info/20260722/1064522742.html
Аԥсны иаку азинтә актқәа рҳәынҭқарратә портал аԥҵаразы азакәан апроект рыдыркылеит
Аԥсны иаку азинтә актқәа рҳәынҭқарратә портал аԥҵаразы азакәан апроект рыдыркылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 22 — Sputnik. Аԥсны иаку азинтә актқәа рҳәынҭқарратә портал аԥҵаразы азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркылеит. 22.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-22T16:54+0300
2026-07-22T16:54+0300
2026-07-22T17:10+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/1b/1040536537_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_8269d5f98e3e563832efad697b4b83cc.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 22 — Sputnik. Аԥсны иаку азинтә актқәа рҳәынҭқарратә портал аԥҵаразы азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркылеит. Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Инар Саӡба. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ирыдыркылаз азинтә нормативтә актқәа зегьы иманшәаланы, хра рыманы рыԥшаара ахьалшо еизаку апортал аԥҵара аҵак ду шамоу. "Сара сгәыӷуеит ҳаԥхьаҟа уи анормативтә база аԥҵара азҵаара еиҳагьы адгылареи аҿиареи аиуп ҳәа, аганахьтәи аресурсқәа ҳхы иаҳмырхәарц азы хыҵхырҭа иашаны еснагь акы ҳаманы", — азгәеиҭеит Саӡба. Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит:
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/1b/1040536537_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_90c697f31c0dc867a85b09b89c84193c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны иаку азинтә актқәа рҳәынҭқарратә портал аԥҵаразы азакәан апроект рыдыркылеит
16:54 22.07.2026 (ирҿыцуп: 17:10 22.07.2026) АҞӘА, ԥхынгәы 22 — Sputnik. Аԥсны иаку азинтә актқәа рҳәынҭқарратә портал аԥҵаразы азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Инар Саӡба. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ирыдыркылаз азинтә нормативтә актқәа зегьы иманшәаланы, хра рыманы рыԥшаара ахьалшо еизаку апортал аԥҵара аҵак ду шамоу.
"Сара сгәыӷуеит ҳаԥхьаҟа уи анормативтә база аԥҵара азҵаара еиҳагьы адгылареи аҿиареи аиуп ҳәа, аганахьтәи аресурсқәа ҳхы иаҳмырхәарц азы хыҵхырҭа иашаны еснагь акы ҳаманы", — азгәеиҭеит Саӡба.
Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит:
атәылауааи, аиҿкаарақәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи уахи-ҽни хәыда-ԥсада Аԥсны азакәанԥҵара абара аиура алыршара;
аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи русура аартреи аилыккареи реизырҳара;
азакәанԥҵара ԥырхага амҭареи иаку асистема алыршара;
анормативтә зинтә актқәа рыԥшааразы аамҭатәи аиҿкааратәи харџьқәа рырмаҷра;
аҳәынҭқарратә напхгараҭара анаҩстәи ацифраркразы иахәҭоу азинтә шьаҭа аԥҵара.