https://sputnik-abkhazia.info/20260722/1064523779.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иацаҳҵоит аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәырдырра. Аԥсны Апарламент "Аӡбаратә мчразы" Аконституциатә закәан аԥсахрақәа аднакылеит. Ариашарақәа инарықәыршәаны... 22.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-22T18:01+0300
2026-07-22T18:01+0300
2026-07-22T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/16/1064523613_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f5ac60421981aa3b5ac1f63c116510d2.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иацаҳҵоит аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәырдырра. Аԥсны Апарламент "Аӡбаратә мчразы" Аконституциатә закәан аԥсахрақәа аднакылеит. Ариашарақәа инарықәыршәаны, Аконституциатә ӡбарҭеи, азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәеи, Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа аҳәынҭқарратә бызшәа — аԥсуа бызшәа мацарала ҭоуба шьҭарҵалоит. Аилыркаагатә материалқәа рҿы ишазгәаҭоу ала, уи зыдҳәало ареспубликаҿы анорматив-зинтә актқәа аԥсышәала иахьҭрыжьуа ауп.
Аԥсны иаку азинтә актқәа рҳәынҭқарратә портал аԥҵаразы азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркылеит. Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Инар Саӡба. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ирыдыркылаз азинтә нормативтә актқәа зегьы иманшәаланы, хра рыманы рыԥшаара ахьалшо еизаку апортал аԥҵара аҵак ду шамоу. "Сара сгәыӷуеит ҳаԥхьаҟа уи анормативтә база аԥҵара азҵаара еиҳагьы адгылареи аҿиареи аиуп ҳәа, аганахьтәи аресурсқәа ҳхы иаҳмырхәарц азы хыҵхырҭа иашаны еснагь акы ҳаманы", — азгәеиҭеит Саӡба.
Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит ареспублика Адгьыл азы закәанеидкыла ҿыц апроект.Аусшәҟәы инақәыршәаны ареспубликаҿы адгьыл аҳәынҭқарра ахатәтәраҿы иаанхоит, убри аан атәылауааи аиҿкаарақәеи рзинқәа ԥкны адгьылҭыԥқәа рыҭазар ҟалоит, иара убас қьырала, мамзаргьы хәыда-ԥсада ахархәаразы ирыҭазар ҟалоит.
Аԥсны аенергетика аминистрреи "Амшынеиқәафымцамчи" рделегациа Ҭаҭарсҭан атехнопарк "Искра-Волга" иаҭааит. Ареспублика ахаҭарнакцәа Ҭаҭарсҭан рхы иадырхәоу аинтеллектуалтә ҳасаббаратә хархәагақәа раԥҵара ацикл наӡа ддырбеит, иара убас егьырҭ афымцамаругақәеи, акабельтә системақәеи, аҭарчыгатә станциақәеи рҭыжьшьа ддырбеит ҳәа аанацҳаит Аенергетика аминистрра. Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иазгәеиҭеит, русутә ныҟәара ишалнаршаз ԥхьаҟатәи аусеицуреи ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ареспублика аенергетикатә усхк ралагалареи рзы алшарақәа ахәшьара рыҭара.
Иацаҳҵоит аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәырдырра. Аԥсны Апарламент "Аӡбаратә мчразы" Аконституциатә закәан аԥсахрақәа аднакылеит. Ариашарақәа инарықәыршәаны, Аконституциатә ӡбарҭеи, азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәеи, Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа аҳәынҭқарратә бызшәа — аԥсуа бызшәа мацарала ҭоуба шьҭарҵалоит. Аилыркаагатә материалқәа рҿы ишазгәаҭоу ала, уи зыдҳәало ареспубликаҿы анорматив-зинтә актқәа аԥсышәала иахьҭрыжьуа ауп.Аԥсны иаку азинтә актқәа рҳәынҭқарратә портал аԥҵаразы азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркылеит. Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Инар Саӡба. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ирыдыркылаз азинтә нормативтә актқәа зегьы иманшәаланы, хра рыманы рыԥшаара ахьалшо еизаку апортал аԥҵара аҵак ду шамоу. "Сара сгәыӷуеит ҳаԥхьаҟа уи анормативтә база аԥҵара азҵаара еиҳагьы адгылареи аҿиареи аиуп ҳәа, аганахьтәи аресурсқәа ҳхы иаҳмырхәарц азы хыҵхырҭа иашаны еснагь акы ҳаманы", — азгәеиҭеит Саӡба. Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит ареспублика Адгьыл азы закәанеидкыла ҿыц апроект.Аусшәҟәы инақәыршәаны ареспубликаҿы адгьыл аҳәынҭқарра ахатәтәраҿы иаанхоит, убри аан атәылауааи аиҿкаарақәеи рзинқәа ԥкны адгьылҭыԥқәа рыҭазар ҟалоит, иара убас қьырала, мамзаргьы хәыда-ԥсада ахархәаразы ирыҭазар ҟалоит.Аԥсны аенергетика аминистрреи "Амшынеиқәафымцамчи" рделегациа Ҭаҭарсҭан атехнопарк "Искра-Волга" иаҭааит. Ареспублика ахаҭарнакцәа Ҭаҭарсҭан рхы иадырхәоу аинтеллектуалтә ҳасаббаратә хархәагақәа раԥҵара ацикл наӡа ддырбеит, иара убас егьырҭ афымцамаругақәеи, акабельтә системақәеи, аҭарчыгатә станциақәеи рҭыжьшьа ддырбеит ҳәа аанацҳаит Аенергетика аминистрра. Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иазгәеиҭеит, русутә ныҟәара ишалнаршаз ԥхьаҟатәи аусеицуреи ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ареспублика аенергетикатә усхк ралагалареи рзы алшарақәа ахәшьара рыҭара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/16/1064523613_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_1dc1a72bb8da9565e753632fc1018f5c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио