Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ иҭоубашьҭаҵара иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Аԥсны
19:37 22.07.2026 (ирҿыцуп: 19:52 22.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 22 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ иҭоубашьҭаҵара иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Аҭоуба шьҭарҵеит 25-ҩык. Ари ирмариоу аԥҟарала Урыстәыла атәылауаҩра аиура апроцедура хзыркәшо уснагӡатәуп.
Аҭоубашьҭаҵара иалахәыз рҿаҧхьа дықәгылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
"Урыстәыла атәылауаҩра ҳаҭыр дууп, ганкахьалагьы иҭакԥхықәра дууп. Шәзинқәеи шәхақәиҭреи иахьа Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа хәдықәҵара рызнауеит, даҽа ганкахьала, ҳҳәынҭқарра азакәанқәа зегьы рықәныҟәара шәуалхоит", — азгәеиҭеит адипломат.
Иара иазгәеиҭеит ҿыц атәылауаҩра зауз милаҭрацәала еилоу аҳәынҭқарра ишахәҭакхо, рџьабааи рзанааҭдырреи рыла Урыстәыла аҿиара, иара убас Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишацхраауа.