Автоеиԥхныҩлара хацыркхеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭа аҟынтәи Тҟәарчалҟа
11:50 23.07.2026 (ирҿыцуп: 12:20 23.07.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш ԥхынгәы 23 рзы иазгәарҭоит 2005 шықәса аахыс.
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш иазку автоеиԥхныҩлара хацыркхеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭа аҟынтәи Тҟәарчалҟа.
Уи иалахәуп еиуеиԥшым ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи амашьынарныҟәцаҩцәа асовет, европатәи, америкатәи культуратә ҭынханы иԥхьаӡоу, зеиуахкы маҷу машьынақәа рыла. Аӡәырҩы рҭаацәеи рҩызцәеи рыманы иааит.

Акциа иара убасгьы далахәуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба. Аныҟәаҩцәа рымҩа дақәныҳәарц, аныҳәа рыдиныҳәаларц, Ахақәиҭра ашҭахь днеит Акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Акциа аиҿкааҩ Никита Габниа иажәақәа рыла, амҩан урҭ мҩаԥыргоит Аҳәынҭавтоинспекциа аҷаԥшьаратә машьынақәа. Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал ауааԥсыреи асасцәеи амашьынақәа ддырбоит.
Аколонна даԥхьагыларц аҳәара ирҭеит 1960-тәи ашықәсқәа рзы иҭыжьыз "Волга" ала зҩыза Владимир Багаҭелиа дзыцны ицо, акциаҿы зегьы иреиҳабу амашьынарныҟәцаҩ, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Беслан Кобахьиа.
Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз, Кобахьиа иҳәеит, дхәыҷаахыс ари амашьына дшазгәышьуаз, аха игәҭакы анагӡара анилшаз хәышықәса раҟара раԥхьа ауп.