Ԥсҳәыҟа уназго амҩа аиҭашьақәыргылара иацҵахоит
15:08 23.07.2026 (ирҿыцуп: 15:36 23.07.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Ԥсҳәыҟа уназго амҩа аиҭашьақәыргылара иацҵахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
Макьаназы амҩа ахәҭак еиҭашьақәыргылоуп. Амҩасратә лшара ҳаракы змоу амашьынақәа аӡы иҵнаӡәӡәааз аҭыԥ аҿы ирыр рылшоит, аха гәҽанызаара дула.
Аусурақәа рхыркәшара ргәы иҭоуп ҳазҭоу амчыбжь анҵәамҭазы, мамзаргьы иааиуа амчыбжь алагамҭазы ҳәа ациҵеит иара.
Ԥсҳәы – Аԥсны зегь реиҳа анеира ахьыуадаҩу ақыҭақәа иреиуоуп. Уахь унеиуеит ҳауала, мамзаргьы ашьхақәа рҿы асы анықәҵлак, амашьына дуқәа рыла.
Ԥхынгәы 15 рзы ақыҭахь уназго амҩа километрабжак инаӡо ахәҭа ақәаршҩы иҵнаӡәӡәааит.