Аҟәатәи Алекс Абдельнур Урыстәыла иреиӷьу абитуриентцәа 76-ҩык дырхыԥхьаӡалахеит
21:04 23.07.2026 (ирҿыцуп: 09:25 24.07.2026)

Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Аҟәатәи Алекс Абдельнур Урыстәыла иреиӷьу абитуриентцәа 76-ҩык дырхыԥхьаӡалахеит.
Аушьҭымҭа иан Алевтина Абдельнур Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, Алекс аԥышәаратә дисциплинақәа хԥа рыла 300 балл иоуит — апрофильтә математика, аурыс бызшәа, аинформатика рзы.
Убри аан, иара убасгьы, абитуриент хаҭалатәи еихьӡарақәа ҳасаб рзыруан. Абдельнур инацҵаны хәба-хәба балл иоуит анаука-технологиатә университет "Сириус" аколлеџь ибзиаӡаны далганы, Урыстәылазегьтәи аицлабра "Аиҭакра ду" аҿы аиааира ахьигази рзы.
Алекс Абдельнур аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны ажәбатәи акласс аҟынӡа аҵара иҵон. Уи ашьҭахь "Сириус" аҿы иҵара иациҵеит. Москватәи аимадареи аинформатикеи ртехникатә университет дҭалалоит.