https://sputnik-abkhazia.info/20260723/1064560505.html
Аԥсны асимвол хада: Аҟәа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш
Аԥсны асимвол хада: Аҟәа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш
Sputnik Аҧсны
Сынтәа аныҳәа иазкыз аусмҩаԥгатә хадақәа Тҟәарчал ишымҩаԥысызгьы, Аҟәа ныҳәада иаанымхеит. 23.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-23T22:07+0300
2026-07-23T22:07+0300
2026-07-24T10:16+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/17/1064552708_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_4aef8278647f27d6fefe84d5f6b134b0.jpg
Аныҳәа иалагеит абираҟныҟәгаҩцәа рныҟәарала. Амилаҭтә маҭәақәа зшәыз арԥарцәа аԥсыԥтә оркестр рыцны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа инаркны Аԥсуа театр аҟынӡа инаргеит еиуеиԥшым аҭоурыхтә епохақәа ирыҵаркуа Аҧсны абираҟқәа.Аԥсуа театр аԥхьа аконцерт иалагеит, уи иалахәын аԥсуа естрадатә шәаҳәацәеи акәашаратә коллективқәеи.Ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан атәыла ахада Бадра Гәынба, Аҧсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр Владимир Делба, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/17/1064552708_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_1b9c51404ec35defd73b2805e2ec8eba.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны
фото, афотосахьақәа, аԥсны
Аԥсны асимвол хада: Аҟәа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш
22:07 23.07.2026 (ирҿыцуп: 10:16 24.07.2026) Сынтәа аныҳәа иазкыз аусмҩаԥгатә хадақәа Тҟәарчал ишымҩаԥысызгьы, Аҟәа ныҳәада иаанымхеит.
Аныҳәа иалагеит абираҟныҟәгаҩцәа рныҟәарала. Амилаҭтә маҭәақәа зшәыз арԥарцәа аԥсыԥтә оркестр рыцны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа инаркны Аԥсуа театр аҟынӡа инаргеит еиуеиԥшым аҭоурыхтә епохақәа ирыҵаркуа Аҧсны абираҟқәа.
Аԥсуа театр аԥхьа аконцерт иалагеит, уи иалахәын аԥсуа естрадатә шәаҳәацәеи акәашаратә коллективқәеи.
Ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан атәыла ахада Бадра Гәынба, Аҧсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр Владимир Делба, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш есышықәса иазгәарҭоит 2005 шықәса раахыс.

Аныҳәа иалагеит абираҟныҟәгаҩцәа рныҟәарала.

Аныҳәа рхы аладырхәит хыҷи-дуи Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи.

Амилаҭтә костиумқәа зшәыз арԥарцәа аԥсыԥтә оркестр рыцны Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа инаркны Аԥсуа театр аҟынӡа абираҟқәа наргеит.

Атеатр аҿаԥхьа аныҳәатә концерт еиҿыркааит.

Асценахь ицәырҵит акәашаратә коллективқәеи ашәаҳәаҩцәеи.

Абираҟныҟәгаҩцәа рымҩасра иацын аоркестр ахәмарра.

Аӡәырҩы аԥсуа милаҭтә маҭәа рышәҵаны аныҳәахь инеит.

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ареспублика араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысит.

Аескиз азирхиеит асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны,

Ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан атәыла ахада Бадра Гәынба, Аҧсны ахада Иусбарҭа анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ.

Аныҳәа алахәылацәа еиуеиԥшым аҭоурыхтә епохақәа ирыҵаркуа Аҧсны абираҟқәа цәырыргеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ аш аурала аиаҵәеи ашкәакәа ԥшшәи рыла зҽеиҭнызыԥсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ԥшьба иаҵәоуп, хԥа – шкәакәоуп.
Аиаҵәа ԥшшәы аԥсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа.