Ԥарнауҭ ақыҭан амҩа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп
15:22 24.07.2026 (ирҿыцуп: 15:50 24.07.2026)

© Sputnik / Сария Кварацхелия
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. Ԥарнауҭ ақыҭан амҩа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп.
Аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Гәылрыԥшь араион ахь усутә ныҟәарала инеира аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Уаанӡа атәыла ахада инапынҵала 4,5 километра инаӡо амҩахәҭаҿы амҩа арҭбаареи, амҩа аҿықәқәа ррыцқьареи, ақәаршҩытә ӡцарҭақәа рзы аӡымҩахгагақәа реиҿкаареи рзы аусурақәа мҩаԥган ҳәа аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аусурақәа анаҩстәи рыхәҭаҿы иазԥхьагәаҭоуп аҟәаратә цәаҳәа арӷәӷәара, амҩатә цәаҳәа аржәпара, егьырҭ иахәҭоу аусурақәа рымҩаԥгара.