Адгәыр Цәышба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара амш еилкаахеит
15:17 24.07.2026 (ирҿыцуп: 15:44 24.07.2026)

© Sputnik / Natalia Airiyan
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. 33 шықәса рышьҭахь зыԥсыбаҩқәа еилкаахаз Адгәыр Цәышба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа мҩаԥгахоит ԥхынгәы 25 рзы, Гәдоуҭа араион ишьҭрақыҭа Абӷархықә.
1971 шықәсазы ииз Адгәыр Едуард-иԥа Цәышба, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа ар дрылахәын. Аԥсны Афырхаҵа Фридон Аҩӡба напхгара зиҭоз Гәымсҭатәи афронт аҩбатәи абаталион актәи амотохысратә рота далахәны деибашьуан.
Марттәи ажәылараан хабарда дыӡит ҳәа дыԥхьаӡан хәажәкыра 16 1993 шықәса инаркны. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы хабарда ибжьаӡыз рзы Аминистрцәа реилазаара Аҳәынҭқарратә комиссиа.
Аԥсны ахада Владислав Арӡынба 1995 шықәсазы иҭижьыз аусԥҟа инақәыршәаны, Адгәыр Цәышба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьан Леон иорден.
Аџьар ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак Цәышба иҭаацәеи иуацәеи алархәны иԥсыбаҩқәа ашьақәыргыларазы апроцедура мҩаԥнагеит ԥхынгәы 22 2026 шықәсазы.