https://sputnik-abkhazia.info/20260724/1064580155.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҳәынҭқарра шьаҭас иамоу уи араионқәа роуп ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра рҿаԥхьа дықәгыло."Иахьа Гәылрыԥшь араион еиҳарак аграртә... 24.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-24T18:01+0300
2026-07-24T18:01+0300
2026-07-24T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/18/1064579989_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_a2cb1ffcedbb779fd1331b1334866dcc.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҳәынҭқарра шьаҭас иамоу уи араионқәа роуп ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра рҿаԥхьа дықәгыло."Иахьа Гәылрыԥшь араион еиҳарак аграртә раионуп ҳәа иазуԥхьаӡаратә иҟоуп, аха аҵыхәтәантәи аамҭаз атуристтә хырхарҭа аҿиара амоуп. Уи зыбзоуроу араион иамоу алшарақәеи,акурорттә хыбра ҿыцқәа раартреи роуп",—иҳәеит атәыла ахада. Атәыла ахада араион мацара акәымкәа, атәыла зегьы азы афымцалалашаратә зҵаарақәа рыӡбара аҵакы азгәеиҭеит.Иҳәеит, аҳәынҭқарра анапхара ирылшо шыҟарҵо, араион аҿиара ацхрааразы.
Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит Виачеслав Гладкови Олег Барцыци.Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистри аиԥылара мҩаԥыргеит иахьа. Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинови Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганбеи ҳәа аанацҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.Аганқәа жәларбжьаратәии арегионалтәии амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәеи рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Ԥарнауҭ ақыҭан амҩа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп.Аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Гәылрыԥшь араион ахь усутә ныҟәарала инеира аҳәаақәа ирҭагӡаны.Уаанӡа атәыла ахада инапынҵала 4,5 километра инаӡо амҩахәҭаҿы амҩа арҭбаареи, амҩа аҿықәқәа ррыцқьареи, ақәаршҩытә ӡцарҭақәа рзы аӡымҩахгагақәа реиҿкаареи рзы аусурақәа мҩаԥган ҳәа аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Аусурақәа анаҩстәи рыхәҭаҿы иазԥхьагәаҭоуп аҟәаратә цәаҳәа арӷәӷәара, амҩатә цәаҳәа аржәпара, егьырҭ иахәҭоу аусурақәа рымҩаԥгара.
Ареидтә усмҩаԥгатәқәа раан амашьына зсыз Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩ ԥырхага имам. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба. Иара иажәақәа рыла, ахаҵа хәахәарак, ԥҵәарак имаӡам, иусураҿы дыҟоуп. Базба иазгәеиҭеит, амашьынаныҟәцаҩ ареидтә усмҩаԥгатәқәа раан иаркыз амҩасырҭа шизгәамҭаз, уи иахҟьаны машәырла, гәҭакрада аинспекциа аусзуҩ дызисыз. Амашьынарныҟәцаҩ иганахьала амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы аматериал еизгоуп.
Арра-патриоттә командаҟаҵара-штабтә хәмарра "Кавказ азы Аибашьра: афырхацәа рымҩахәасҭақәа рыла" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп.Аныҳәатә аартра мҩаԥгахоит ԥхынгәы 27 асааҭ 10:00 рзы Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшарратә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа иахьаҵанакуа.Ахәмарра иалахәхоит ашколхәыҷқәа, астудентцәа, акурсантцәа, ауаажәларратә активистцәа. Апроект аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхареи, аҿар рпатриоттә ааӡареи, апрактикатә ҟазара арҿиареи иазырхоуп.
Аԥсуа ҳәынҭқарра шьаҭас иамоу уи араионқәа роуп ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра рҿаԥхьа дықәгыло."Иахьа Гәылрыԥшь араион еиҳарак аграртә раионуп ҳәа иазуԥхьаӡаратә иҟоуп, аха аҵыхәтәантәи аамҭаз атуристтә хырхарҭа аҿиара амоуп. Уи зыбзоуроу араион иамоу алшарақәеи,акурорттә хыбра ҿыцқәа раартреи роуп",—иҳәеит атәыла ахада. Атәыла ахада араион мацара акәымкәа, атәыла зегьы азы афымцалалашаратә зҵаарақәа рыӡбара аҵакы азгәеиҭеит.Иҳәеит, аҳәынҭқарра анапхара ирылшо шыҟарҵо, араион аҿиара ацхрааразы. Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит Виачеслав Гладкови Олег Барцыци.Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистри аиԥылара мҩаԥыргеит иахьа. Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинови Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганбеи ҳәа аанацҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.Аганқәа жәларбжьаратәии арегионалтәии амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәеи рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Ԥарнауҭ ақыҭан амҩа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп.Аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Гәылрыԥшь араион ахь усутә ныҟәарала инеира аҳәаақәа ирҭагӡаны.Уаанӡа атәыла ахада инапынҵала 4,5 километра инаӡо амҩахәҭаҿы амҩа арҭбаареи, амҩа аҿықәқәа ррыцқьареи, ақәаршҩытә ӡцарҭақәа рзы аӡымҩахгагақәа реиҿкаареи рзы аусурақәа мҩаԥган ҳәа аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Аусурақәа анаҩстәи рыхәҭаҿы иазԥхьагәаҭоуп аҟәаратә цәаҳәа арӷәӷәара, амҩатә цәаҳәа аржәпара, егьырҭ иахәҭоу аусурақәа рымҩаԥгара. Ареидтә усмҩаԥгатәқәа раан амашьына зсыз Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩ ԥырхага имам. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба. Иара иажәақәа рыла, ахаҵа хәахәарак, ԥҵәарак имаӡам, иусураҿы дыҟоуп. Базба иазгәеиҭеит, амашьынаныҟәцаҩ ареидтә усмҩаԥгатәқәа раан иаркыз амҩасырҭа шизгәамҭаз, уи иахҟьаны машәырла, гәҭакрада аинспекциа аусзуҩ дызисыз. Амашьынарныҟәцаҩ иганахьала амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы аматериал еизгоуп. Арра-патриоттә командаҟаҵара-штабтә хәмарра "Кавказ азы Аибашьра: афырхацәа рымҩахәасҭақәа рыла" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп.Аныҳәатә аартра мҩаԥгахоит ԥхынгәы 27 асааҭ 10:00 рзы Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшарратә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа иахьаҵанакуа.Ахәмарра иалахәхоит ашколхәыҷқәа, астудентцәа, акурсантцәа, ауаажәларратә активистцәа. Апроект аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхареи, аҿар рпатриоттә ааӡареи, апрактикатә ҟазара арҿиареи иазырхоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/18/1064579989_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_289210ff301175147880b61a58fd6e1e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио