Алиас Аҩӡба аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ҿыцс дҟаҵоуп
19:56 24.07.2026 (ирҿыцуп: 00:15 25.07.2026)

© Foto / предоставил Алиас Авидзба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. Алиас Аҩӡба аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ҿыцс дҟаҵоуп.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Уаанӡа ари амаҵура дахагылан Лев Кәыҵниа, уи Урыстәыла арегион ҿыцқәа — ДЖәР, ЛЖәР, Запорожиатәии Херсонтәии аобластқәа аус рыцуразы Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда инапынҵақәа наигӡалоит.
Алиас Аҩӡба диит нанҳәа 22 1985 шықәсазы. ААУ афилологиатә факультет "Актиортә ҟазара" азанааҭ даушьҭымҭоу, Урыстәылатәи Афедерациа ахада иҟны иҟоу аҳәынҭмаҵзура Урыстәылатәи академиа "Аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи напхгараҭара" азанааҭ ала. Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы аррамҵзура ихигеит.
2022 шықәса раахыс — аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" далахәын, 1-тәи абаталион адҵаҟааҩ. 2023 шықәса аахыс — Урыстәыла аҵара аминистр иабжьгаҩ ауаажәларратә лагалала.
Лаҵарамза 5 2026 шықәса аахыс — Аԥсны ахада ицхырааҩ.