Аԥсны 2026 шықәса фымз рыҩнуҵҟа аԥсыҭбарақәа зцыз амҩатә машәырқәа еиҵахеит ҵыԥх аасҭа
12:45 25.07.2026 (ирҿыцуп: 13:48 25.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik. 2026 шықәса фымз рыҩнуҵҟа аԥсыҭбарақәа зцыз амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара еиҵахеит ҵыԥхтәи арбагақәа ирҿырԥшны, абри атәы иҳәеит Аҧсны ААР аштаб аиҳабы Денис Ҭаниа.
Амашәырқәа ирыхҟьаны сынтәа иҭахеит 17-ҩык, 2025 шықәсазы-20-ҩык. Ааха зауз рхыԥхьаӡара 72 инаркны 68 рҟынӡа еиҵахеит.
"Амҩатә машәырқәа рыхкқәа рыбжьара раԥхьа игылоуп амашьынақәа рааихара, урҭ 22 хҭыс ыҟоуп. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп аԥынгыла аахара", — азгәеиҭеит Ҭаниа.
Иара иазгәеиҭеит аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны ишаарԥшу 28 155 амҩатә ԥҟарақәа реилагара. Амашәырқәа зыхҟьо амзызқәа — амашьына арццакреи арныҟәцаҩцәа рымҩа ианыҵны егьи ацәаҳәа рнылареи роуп.
Денис Ҭаниа еиҭеиҳәеит ашықәс азбжазы Аԥсны амашьынақәа рхыԥхьаӡара 4 738 цыра рыла ишеизҳаз. Зынӡа ареспубликаҿы ашәҟәы иҭагалоуп 84 349 атранспорттә хархәагақәа.