Аахыҵ Уаԥстәыла ахаҭарнакцәа афорум "Аԥсны Ҿа" иалахәхоит
12:25 26.07.2026 (ирҿыцуп: 12:32 26.07.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 26 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахаҭарнакцәа афорум "Аԥсны Ҿа" иалахәхоит.
Агәыԥ иалалоит ауаажәларратәи аволонтиортәи усқәа активла знапы рылаку хәҩык.
Урҭ рахьтә ҩыџьа ажәахәқәа ҟарҵоит, дара азааҭгылоит ареспубликаҿы аволонтиорра аус шымҩаԥысуа, абри атәы аанацҳауеит @SputnikOssetia аҿартә политикеи аспорти рзы Аилак ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Андреи Оттаев иажәақәа шьаҭас иганы.
Аҿартә хеилак "Аԥсны Ҿа" жәашықәса рышьҭахь аиҿкаара аусура аиҭахацыркра ишалаго рыларҳәеит мшаԥы 4 рзы Аҳәынҭспортеилакы афорум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ареспубликатә аҿар рфорум "Аԥсны Ҿа" мҩаԥгахоит нанҳәамза 7 рзы, аиҿкааҩцәа уи аԥхьа астол гьежьқәа мҩаԥыргоит. Анаҩстәи, "Аҿартә еиҿкаарақәеи, хатәгәаԥхаралатәи аусқәеи аԥшьгарақәеи рроль" мҩаԥгахоит ԥхынгәы 29 рзы.