Очамчыра иазгәарҭеит Урыстәыла Арра-мшынтә флот 330 шықәса ахыҵра
14:26 26.07.2026 (ирҿыцуп: 15:24 26.07.2026)

© Foto
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 26 — Sputnik. Очамчыра иазгәарҭеит Урыстәыла Арра-мшынтә флот 330 шықәса ахыҵра.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит иҷыдоу акатерқәа рыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара знапы алаку аҟәшаҿы. Агәалашәаратә рыцхә ҳаҭырла еиднакылеит афлот аҭоурыхтә традициақәеи, иахьа амшынтә ҳәаақәа рыхьчаразы амаҵзура мҩаԥызгои.
Аныҳәаҿы хҭыс хадахеит — аибашьратә фырхаҵаратә ахьӡ-аԥша ауада аартра. Араҟа иаарԥшуп адивизион аҭоурых, еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵаркуа амшынуаа-аҳәаахьчаҩцәа рфырхаҵарақәа, аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рыхьчаразы амаҵзура адаҟьа хадақәа. Уи еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы зхы иамеигӡакәа зыԥсадгьыл аҿаԥхьа зуалԥшьа назыгӡоз аррамаҵзурауаа ргәалашәара аиқәырхара иазырхоуп.
Ауада аартраан адныҳәаларақәа ҟаиҵеит аусбарҭа аиҳабы. Иара иазгәеиҭеит, абиԥарақәа рышьҭреимадара, арратә уалԥшьеи хаҭалатәи аилазаара ргәымшәара ҳаҭырла азнеира шахәҭоу. Ҷыдала, иазгәаҭан аҳәаахьчаҩцәа амшынтә ҳәаақәа ршәарҭадара аиҿкаареи урыстәылатәи афлот иреиӷьу атрадициақәа реиқәырхареи шхымԥадоу.
Зҽалызкааз аррамаҵзурауаа иранашьан аусбарҭатә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.
Аиԥш зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ааӡаратәии апатриоттәии ҵакы рымоуп. Урҭ абиԥарақәа реимадара арӷәӷәара, аибашьратә традициақәа реиқәырхара, амшынтә ҳәаақәа рыхьчаҩцәа рфырхаҵара агәаларшәара иацхраауеит.
Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы анаҵаҩха ашьҭахь, 2009 шықәсазы Очамчыра иаартын аҳәаахьчаратә ӷбақәа Урыстәылатәи адивизион ҟәша.
Адивизион аусзуҩцәа ирыхьчоит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аӡқәеи амшын аҵакыреи, аԥсыӡкра аамҭазы аилагарақәа ҟамларц азы хылаԥшра арҭоит, иара убас амшын аҿы арыцҳара иақәшәо аԥсыӡкыҩцәа, ма атуристцәеи реиқәырхара иацхраауеит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа — 352,5 км инаӡоит, урҭ рахьынтә амшын аҿы — 215,5 км.