Дәрыԥшь ақыҭа инаркны Лыхнынӡа аҳәынҭқарра ахарџьала аӡымҩангага цәаҳәа ҿыц шьҭарҵоит
17:46 27.07.2026 (ирҿыцуп: 08:57 28.07.2026)

© Foto / сайт Администрации города Сухум
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Гәдоуҭатәи "Аӡыршьҭра" адырра ҟанаҵахьан Лыхны ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ррыцқьаразы планла аусурақәа рымҩаԥгара инадҳәаланы, акранқәа рҿы аӡы хәашь аар шалшо.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 — Sputnik. Дәрыԥшь ақыҭа инаркны Лыхнынӡа аҳәынҭқарра ахарџьала аӡымҩангага цәаҳәа ҿыц шьҭарҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Лыхны ақыҭа ахада Џьансыхә Ҷкотуа.
"Аԥсны ахада Бадра Гәынба инапынҵала, Акапиталтә ргылара аусбарҭа аҟазауаа ҳзааны иҟан. Урҭ аусура амҽхак ахәшьара арҭеит, ахарџьнҵа шьақәдыргылахьеит. Ацәаҳәа ҿыц аура 12 километра рҟынӡа инаӡоит. Апроект ахәԥса — 30 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара иажәақәа рыла, иалкаау аҿҳәарақәа макьана ишьақәыргылам.
Лыхны ақыҭа ӡыла аиқәыршәара ауадаҩрақәа цәырҵит акыр шықәса раԥхьа ҩ- мзызк ирыхҟьаны — аӡымҩангагақәа ахьажәызи аӡы азымхареи ҳәа иҳәеит Ҷкотуа.
Лыхныҟа аӡы аауеит Дәрыԥшь ақыҭан иҟоу аӡеизгарҭа аҟынтәи — аладатәи ахәҭаҟынӡа 260 мм зыгәҭаӡоу ашәыра (труба) ала, анаҩс –100 мм. зыгәҭаӡоу ала. Атрубақәа реиԥшымзаареи аԥхын аӡымҽхак азымхареи ӡыла аиқәыршәара еиԥдырҟьоит ҳәа азеиҭеиҳәеит иара.
Уи адагьы, Лыхны аладатәи ахәҭаҿы ақыҭа еиуеиԥшым аҳаблақәа рахь аӡы анашьҭра ҳәаақәызҵо аркыга ыҟоуп. Џьоукы хаԥызарала ари аркыга адыркуеит, уи алагьы ақыҭа ахәҭак аҟынтәи егьи хәҭахьы аӡы анеира ԥыркуеит, дара рганахь инеиларц азы.
Ҷкотуа ишазгәеиҭаз ала, ас еиԥш ахымҩаԥгашьа анхацәа рыбжьара аимак анцәырнаго маҷӡам.