00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
On air
08:00
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Амаҵзура аиҿкаареи Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Бабышьра" аҿы архәҭақәа хра рыманы русура алыршареи ирылацәажәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аҿы имҩаԥгаз аоператив-маҵзуратә еилацәажәараҿы. Уи мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар. Аилацәажәара рхы аладырхәит амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алхас Чычбеи ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипови.
Аԥыза-министр Владимир Делба АҶА аколлектив аминистр ҿыц Алиас Аҩӡба дыдирдырит. "Алиас Витали-иԥа аҳәынҭқарратә аусбарҭақәа рҿы иҿыцу уаҩӡам, иара еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩысгьы дыҟан. Анаҩс, аҿартә политиказы Аҳәынҭеилакы напхгара аиҭон, убри аҟнытә аҳәынҭқарратә мчра аусушьа ибзианы идыруеит", — ҳәа азгәеиҭеит Делба. Владимир Делба Аҧсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра 11 шықәса инеиԥынкыланы напхгара азҭоз Лев Кәыҵниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, АҶА ахада ҿыц иакәзар — иусураҿы алҵшәа бзиақәа изеиӷьеишьеит.
Аҵареи асоциалтә политикеи узеиҟәымҭхуа еидҳәалоуп, арҭ аусхкқәа рҿы иарбанызаалак аиҭакрақәа ганрацәала анализ аныҟарҵалак ашьҭахь ауп ианрыдыркылаша ҳәа азылыԥхьаӡоит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа. Арадио Sputnik аинтервиу аҭо лара иазгәалҭеит, аҵаратә процесс ахаҭабзиара аизырҳаразы ашколқәа ркадртә еилазаара шырӷәӷәатәу, аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара аизырҳаразы аҭагылазаашьақәа шаԥҵатәу. "Ашколқәа рҿы аҵаратә процесс ахаҭабзиара аиӷьтәразы, ашкол акадртә еилазаара рӷәӷәалатәуп, ахәыҷқәа рыла еизырҳатәуп. Аҵаҩцәа раҵкыс арҵаҩцәа ахьеиҳау ашколқәа ҳамоуп. Убри аан ҳара еилаҳкаауеит ашкол ақыҭа ишагәҭылсоу", — ҳәа азгәалҭеит Цыбулевскаиа.
Нанҳәа 26 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу III Жәларбжьаратәи аицлабра "Музыка Гордых" алахәылацәа 100-ҩык рыхьӡқәа рылаҳәоуп. Иреиӷьу ируаӡәкхеит 15-ҩык Аԥсны ахаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп адуетқәа хԥа, ансамбльқәа ҩба, иара убас, 10-ҩык ашәаҳәаҩцәа. Ихаҭәаау асиа кьыԥхьуп апроект аофициалтә саит аҿы. Зынӡа Урыстәыла 250 қалақьи Аԥсны ақалақьқәа хԥеи рҟынтәи 2048 рзаҳал нашьҭын.
Ажәабжьқәа зегьы
0