00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
On air
08:00
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
10 мин
Хра злоу ахҭысқәа
On air
13:17
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
On air
13:43
3 мин
On air
13:46
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аӡыршы иацәшәаз амца дақәԥалт": амца иахҳәаау ажәаԥҟақәеи азгәаҭарақәеи

© Sputnik / Томас Тхайцук Сестры Гварамия из села Тхина
Сестры Гварамия из села Тхина - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2026
Анапаҵаҩра
Ахәышҭаара аиқәырхара, аҿиара, аԥхара ирсимволу – амца иазылкуеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа анаҩстәи лматериал.
Амца ахьеиқәыз ахәышҭаараҿы амца ԥсызаргьы аԥхара нхоит рҳәоит. Аиашазы, ауаҩи амцеи "аиҩызара" рыбжьеижьҭеи акыр зқьышықәса ирықәлоуп. Ажәытә аамҭақәа раан амца иабзоураны ауаҩы агыгшәыгқәа дырцәыхьчан, ихәы ҟаиҵон, аԥхара иман, алашара инаҭон.
Иахьа амца ахәышҭаара аиқәырхара, аҿиара, аԥхара ирсимволны ишьақәгылт.

Амца ажәаԥҟақәа рҿы

Амилаҭ рыҿиара, рышьақәгылараҿы идырҳаз аԥышәа рныԥшуеит рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа. Ажәаԥҟақәа ртәы уҳәозар, цәыкәбар-цәыкәбар еизгоу аҟәыӷара иаӡиасуп. Уи аӡиас аҿықә ҳныҽԥынгылап, ахьхьаҳәа ацәажәабжь ҳлымҳа инҭаҩырц:
Амҵәышә аҵа амца анацрал, аӷәарӷәал ахыччон. Иузааигәоу, иузгәакьоу агәаҟра, арыцҳара дақәшәар, уихымыччароуп. Насгьы иахьа угәакьа, угәыла дзықәшәаз арыцҳара уара уахь ишиасуазгьы ухоумышҭыроуп. (Азгәаҭа: аӷәарӷәал – амҵәышә злакнарҳауа амҿтәы ҵәаҳә.
Аҩсҭаа иҭәа рхны амца ацреиҵон ҳәа. Ауаҩы иџьабаа зду иаарыхра, иусумҭа инапала иԥхасҭеитәыр, абас рҳәоит.
Акаҵа нсырҵәоит ҳәа зыҩны амца ацразҵаз еиԥш; Аӡ рнырҵәаразы аҳәаҭра рбылҵом. Аиакәым, азалымдара зыхҟьаҵәҟьо цқьа еилымкааӡакәа, акгьы злам аус ду ԥхазҭазтәуа, зхы азарал ду азҭо изы иҳәоуп.
Лажә иҩны амца анакы, аҵеџь ажра далагеит. Амашәыр аныҟала ашьҭахь ауп уи ҟамларц азы аусмҩаԥгатәқәа ианрылага, абас рҳәоит.
Ауа́хәа кьалҳәыџь амца иариашоит. Ауаҩы мҽыӷ, ауаҩҳәатәхамҵа, алеишәацәгьа ииаиуа, дызҳәынҷо ҟалоит. (Азгәаҭа: Акьалҳәыџь – иаанагоит "ахәахәа"; Ауа́хәа – абнаҿы ашәарах жьы ахькнарҳауа, даҽакала "аҭамҳа").
Аӡыршы иацәшәаз амца дақәԥалт. Ауаҩы шәарҭак ихы ацәганы, даҽа шәарҭарак ихы анақәиршәалак, абас рҳәоит.
Очаг - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2018
Цәгьамзар бзиа ҟазымҵоз: ажәытәра иагаз ахәышҭаара анцәахәы - Ҿаԥ изкны

Аиҿырԥшрақәа

Аԥсуаа иҷыданы азҿлымҳара арҭон агәымшәара, аибагара, агәаӷьра. "Амцабз даҩызоуп!", "Амца дақәуҵар, дбылуам!", "Амцаԥшь даҩызоуп!" - афырхацәа ирызку урҭ реиԥш иҟоу аепитетқәа рацәоуп, дара шаҳаҭра руеит ажәлар рфырхацәа ишырзыҟаз.
Инарҭбаан ҳалацәажәозар:
Амца дақәуҵар дбылуам: он живой, подвижный, бойкий.
Амца иҵарҵеит: его подхлестнули; поддали жару.
Амца идыркит: усугубили какие-либо чувства; испортили настроение; "подлили масло в огонь".
Амцаԥшь: "амцаԥшь аркуа" – говорить гневно, раздраженно.
Амцахара: 1. круг близких родственников, однофамильцы. 2.отдельная войсковая часть, состоящая из воинов, принадлежащих к одной родственной группе.
"Умцахара еизҳааит!" - Что твой род множился! Чтоб твой очаг не погас!
Умцахара мыцәааит! – пожелание добра новоселу.
Амцажәла: "амцажәла еимаадоит", "амцажәла еимырдоит" (еизааигәаны инхоит аанагоит) - они близкие соседи.
Имцахә ыцәеит: его постигла беда, "его очаг погас".
Мца́цәа, мцахәы́цәа, мцахәкы́дцәала: "тот, у которого погас огонь" несчастный, бедный, горемычный, бездольный
Открытие фестиваля  кузнецов  Аихамца - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2025
Аԥсны
"Аџыр ԥыршәоит амцаҿы, аҩызара – ацәгьараҿы": аҩыза дазырбо ажәаԥҟақәа

Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа рахьтә

Амца зыцгыло имаашьо иоуп рҳәоит. Аӡы амца иақәуҭәар ҵасым, “уӡи умцеи еиқәҭәааит” аҳәоит.
Зыԥсра цәгьахаз изы салжәк амца иақәҵан иублыр, иԥсра бзиахоит.
Аӡын амца мыцхәы ианыԥшӡоу – асы иатәуп.
Амца иахакнаҳау ачуан иаду арацәа амца акыр, амш цәгьахоит.
Амца аҷҷаҳәа иуҿатҟәацыр, аӡәы дуацәҳауеит.
Амцабз мыцхәы иҟаԥшьӡа ианыҟоу амш цәгьахоит.
Амца аҟынтәи амцабз ыҵыҟьҟьозар, аҭаацәа рҿы ҭыӡшәак ҟалоит.
Амца иахакнаҳау ачуан, иаду арацәа жжаӡа амца акыр, ицәаанӡа “ацәгьа-абзиа” уҳәалоит, ацәгьаҿ ицәар, амш цәгьахоит, абзиаҿ ицәар, амш бзиахоит.
Амца иахакнаҳау архнышьна абжьы гар бзиоуп, аҭаацәа реизҳара иатәуп.

Аԥхыӡқәа

Ԥхыӡла аца́ амца акызшәа убазар – гәаҟрак иазҳәоуп.
Ахчныза ашьҭаҵара, амца аиқәҵара – абиԥара реизҳара иатәуп.
Отключения воды - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2025
Аԥсны
"Аҵәцалых аиԥхыӡра - бзиарак иазҳәоуп": абзиара ҳзаазго аԥхыӡқәа
Ажәабжьқәа зегьы
0