https://sputnik-abkhazia.info/20260730/1064680495.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Гагра агәашьеибаркыра иахьаҵанакуа ф-машьынак ааихеит иаха. Гагра араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа ишаанацҳауа ала, амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥахь амцарцәаҩцәа... 30.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-30T13:30+0300
2026-07-30T13:30+0300
2026-07-30T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1e/1064680329_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_557c1b443badc9471959c5383da1aa95.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Гагра агәашьеибаркыра иахьаҵанакуа ф-машьынак ааихеит иаха. Гагра араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа ишаанацҳауа ала, амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥахь амцарцәаҩцәа аннеи амашьынақәа руак "Мерседес" амца иамҽханакхьан. Амца арцәара алыршахеит. "Мерседес" арныҟәцаҩ инапы ԥҵәани ахәахәарақәа змаз ипассаџьыри араионтә хәышәтәырҭахь инаргеит. Раԥхьатәи ацхыраара аныҟарҵа ашьҭахь Ареспубликатә хәышәтәырҭахь ииаргеит. Ааха зауз рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.
Мысра иҭабгаз амҩа ахәҭа аҭагылазаашьа ҭырҵааит Акапиталтә ргылараз аусбарҭеи "Аԥсныҟәарахьчареи" рҟазауаа. Апроект-харџьынҵатә шәҟәқәа аиқәыршәара иаҿуп. Уи ашьҭахь аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит ҳәа аанацҳауеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа апресс-маҵзура.
Нанҳәа 3-7 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит акциа "Аԥараҿырп амчыбжь" Атәыла ауааԥсыреи асасцәеи акоммерциатә банкқәа рҿы аԥараҿырпқәа комиссиада абанкнотақәа рыла ирыԥсахыр рылшоит. Аиҭныԥсахларазы ирыдыркылоит 1997 шықәсеи анаҩси иҭыжьыз копеикк инаркны 10 мааҭк рҟынӡа иҟоу аԥараҿырпқәа. Аԥараҿырпқәа рхыԥхьаӡареи аиҭныԥсахлара азеиԥш еицҵалыҵи рзы ԥкыра ыҟаӡам. Еиҳа аԥараҿырпқәа азҭаз акциа алахәылацәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьахоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Абанк.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидиум адгылара анаҭеит Синоптәи апарк аҿы иҟоу аллеиақәа руак Станислав Лакәаба ихьӡ ахҵаразы аԥшьгамҭа. ААР ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит ари аӡбамҭа апарк азеиԥш ҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраар шалшо, избанзар иуникалтәу афлора аиҷаҳара шхымԥадатәиу азхьаԥшра анаҭоит. Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа иазгәеиҭеит, аҭоурыхҭҵааҩ ду игәалашәара иазкны апарк ҿыц аԥҵарагьы шалшо. Аилатәараҿы иазгәаҭан аҳәынҭқарратә комиссиа апарк зегьы ахьӡ аԥсахреи Аҟәа ахадара абаланс ахь аиагареи рзы уаанӡатәи ааԥхьара мап шацәыркыз.
Гагра агәашьеибаркыра иахьаҵанакуа ф-машьынак ааихеит иаха. Гагра араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа ишаанацҳауа ала, амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥахь амцарцәаҩцәа аннеи амашьынақәа руак "Мерседес" амца иамҽханакхьан. Амца арцәара алыршахеит. "Мерседес" арныҟәцаҩ инапы ԥҵәани ахәахәарақәа змаз ипассаџьыри араионтә хәышәтәырҭахь инаргеит. Раԥхьатәи ацхыраара аныҟарҵа ашьҭахь Ареспубликатә хәышәтәырҭахь ииаргеит. Ааха зауз рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам. Мысра иҭабгаз амҩа ахәҭа аҭагылазаашьа ҭырҵааит Акапиталтә ргылараз аусбарҭеи "Аԥсныҟәарахьчареи" рҟазауаа. Апроект-харџьынҵатә шәҟәқәа аиқәыршәара иаҿуп. Уи ашьҭахь аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит ҳәа аанацҳауеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа апресс-маҵзура. Нанҳәа 3-7 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит акциа "Аԥараҿырп амчыбжь" Атәыла ауааԥсыреи асасцәеи акоммерциатә банкқәа рҿы аԥараҿырпқәа комиссиада абанкнотақәа рыла ирыԥсахыр рылшоит. Аиҭныԥсахларазы ирыдыркылоит 1997 шықәсеи анаҩси иҭыжьыз копеикк инаркны 10 мааҭк рҟынӡа иҟоу аԥараҿырпқәа. Аԥараҿырпқәа рхыԥхьаӡареи аиҭныԥсахлара азеиԥш еицҵалыҵи рзы ԥкыра ыҟаӡам. Еиҳа аԥараҿырпқәа азҭаз акциа алахәылацәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьахоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Абанк. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидиум адгылара анаҭеит Синоптәи апарк аҿы иҟоу аллеиақәа руак Станислав Лакәаба ихьӡ ахҵаразы аԥшьгамҭа. ААР ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит ари аӡбамҭа апарк азеиԥш ҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраар шалшо, избанзар иуникалтәу афлора аиҷаҳара шхымԥадатәиу азхьаԥшра анаҭоит. Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа иазгәеиҭеит, аҭоурыхҭҵааҩ ду игәалашәара иазкны апарк ҿыц аԥҵарагьы шалшо. Аилатәараҿы иазгәаҭан аҳәынҭқарратә комиссиа апарк зегьы ахьӡ аԥсахреи Аҟәа ахадара абаланс ахь аиагареи рзы уаанӡатәи ааԥхьара мап шацәыркыз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1e/1064680329_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_99c7e6a798f099b7acb40f2003272af8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио