Шықәсыбжак иалагӡаны 130-ҩык инареиҳаны Егры аҳәаа еилазгаз ауаа аҭақԥхықәра рыдҵан
17:58 30.07.2026 (ирҿыцуп: 18:14 30.07.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 30 — Sputnik. Шықәсыбжак иалагӡаны 130-ҩык инареиҳаны Егры аҳәаа еилазгаз ауаа аҭақԥхықәра рыдҵан.
Аилагарақәа иреиуан — аҳәаахьчаратә зонақәеи, Аԥсны аҵакыратә мшыни аҩнуҵҟатәи аӡқәеи рҿы аҟазаара аԥҟарақәа реилагара.
Иара убас, закәаншьаҭада аҳәаа ахысразы ашьауӷатә усқәа ԥшьба хацыркын, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс", АшәМ адыррақәа шьаҭас иганы. Урҭ шықәсык аҭакра рықәҵоуп.
Даҽаӡәгьы закәаншьаҭада арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршареи транзитла рымҩангареи рзы иус ӡбоуп. Аӡбарҭа 5 шықәсеи 3 мзи иқәнаҵеит 650 нызқьмааҭ ахараԥса иқәҵаны.
Актәи ашықәсбжазы Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара закәаншьаҭада атауарқәеи аидарақәеи аҳәаа рахыгара аҽазышәарақәа 48 аԥырҟәҟәаауп. Ирымхуп 800 нызқьмааҭ рыхә аҭаҭын аалыҵ, афенобарбитал злоу ахәшәқәа, абџьар, аџьаԥҳаны, аныхачаԥақәа.