Аԥсныҟа иахьа 400 тонна инареиҳаны абензин ааган
18:29 30.07.2026 (ирҿыцуп: 22:25 30.07.2026)

© Sputnik / Мария Девахина
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 30 — Sputnik. 400 тонна инареиҳаны абензин Аԥсныҟа иааган иахьа, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара.
Иара убас нанҳәамза алагамҭазгьы даҽа ԥыҭк аагахоит.
"Азинмчы змоу урыстәылатәи амчратә усбарҭақәеи абылтәы аазгои ҳареи абылтәы џьармыкьаҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аусеицура ҳаҿуп. Хазы игоу абылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны абылтәы аҟамзаара аамҭалатәуп", — аҳәоит адырраҭараҿы.
Аиҳабыра атәылауаа рахь ааԥхьара ҟарҵеит — абензин шаҟа рҭаху мацара заҵәык аархәаларц.
Иара убас, атәылаҿы адизельтә былтәы аҭаҵәахқәа азхара шыҟоу азгәаҭоуп. Уи аҭиразы иалагалоу аԥкрақәа аԥырхуеит иааиуа амшқәа рзы.