Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Виачеслав Гладкови омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи
21:43 30.07.2026 (ирҿыцуп: 22:19 30.07.2026)

© Foto / Министерство Культуры РА
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 30 — Sputnik. Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи.
Гладков иазгәеиҭеит аҭаацәа рыхьчара аинститутқәа иарбан уаажәларразаалак аҿы ароль ду шынарыгӡо.
"Ҳаргьы ахәыҷқәа ринтересқәа рыхьчаразы аус еицаҳулоит. Иҳацәтәыму ахәыҷқәа ҳамаӡам", —азгәеиҭеит Гладков.
Мактина Џьынџьалԥҳа ацҳаражәҳәаҩ изеиҭалҳәеит, ахәыҷтәы омбудсмен лусрбарҭеи ацҳаражәҳәарҭеи русеицура шышьақәгылоз атәы. Сынтәа, Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааган Урыстәыла ааха зауз арегионқәа рҟынтәи 200-ҩык ахәыҷқәа.
Иара убас, аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа змам зықәра намӡац урыстәылаа рзинқәа рыхьчаразы аусура мҩаԥыргоит. Аппарат аус ауанаҵы, ус еиԥш ахҭысқәа 50 рҟынӡа ыҟан лҳәеит Џьынџьалҧҳа.