Науру Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааннакылеит
10:13 31.07.2026 (ирҿыцуп: 11:03 31.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Науру Аԥсни иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа аанылкылахьан, Қырҭтәылеи уи мраҭашәаратәи апартниорцәеи рҿагылара иахҟьаны.
АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. Науру Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааннакылеит.
Абри атәы аанацҳаит ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҳәа азгәанаҭоит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Ари ашьаҿа ҩ-ганктәи аилибамкаарақәа ирхымҟьеит, адәныҟатәи ақәыӷәӷәароуп изылҵшәахаз ҳәа рҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы.
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит, ареспублика жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаареи жәларбжьаратәи азхаҵара арӷәӷәареи рзы акурс ишацнаҵо, уи адгылаҩ хадас ишаанхо Урыстәылатәи Афедерациа.
Уаанӡа Науру Аԥсни иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа аанылкылахьан. Ареспублика адәныҟаполитикатә усбарҭа абри аан аҳәамҭа ҟанаҵеит, иҟалаз Қырҭтәылеи уи мраҭашәаратәи апартниорцәеи рҿагылара ишахҟьаз.