Ҳџьынџьуааи хатәгәаԥхарала еибашьуази ргәалашәаразы амемориалтә комплекс аартуп Агәыӡера
16:36 02.08.2026 (ирҿыцуп: 17:20 02.08.2026)

© Foto / Русский дом в Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан, арратә операциа ҷыдаҿы, аҳәаа ахьчаразы иҭахаз, ма хабарда ибжьаӡыз ҳџьынџьуааи хатәгәаԥхарала еибашьуази ргәалашәара аҳаҭыраз амемориалтә комплекс аадыртит Агәыӡера.
Абаҟа аартын Ацқьа Илиа игәалашәара амш аҽны. Уи иаҵанакуеит асаркьалқәа 9 змоу асаркьалсырҭақәа, аӡыршә "Зыԥсы ҭоу агәаларшәара", Агәаларшәара аллеиа.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ауахәама аҭааҩцәа.
Аӡыԥшьаратә ныҳәара мҩаԥган асааҭ 08:00 рзы, уи ашьҭахь, шьыбжьон раԥхьаӡакәны асаркьалқәа 9 зегьы рыбжьы еицдыргеит.
Иара убас Брианшьина адесантникцәа Реидгыла анапхгаҩы Сергеи Шьемелинин 106-тәи агвардиатә аҳаир-десанттә дивизиа адҵаҟаҵаҩ аинрал-маиор Владимир Селиверстов ихьӡала Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи, ауахәама аиҳаби, аибашьра аветеран Рауль Черқьезиеи аҳаҭыртә дырга "Аԥсадгьыл Ахьчаҩ" ранеишьеит.
Аҳаҭыртә дырга "Апатриоттә ааӡаразы" ианашьан аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Александр Студеникин.