Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аҿар рфорум "Аԥсны Ҿа" мҩаԥгахоит Аҟәа
11:14 03.08.2026 (ирҿыцуп: 11:47 03.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 3— Sputnik. Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аҿар рфорум "Аԥсны Ҿа" мҩаԥгахоит Аҟәа.
Афорум мҩаԥгахоит нанҳәа 7-8 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, уи еиднакылоит Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи 600-ҩык рҟынӡа алахәылацәа.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаажәларра-патриоттә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" аусура аиҭахацыркразы, уи алахәылацәа аԥҟаԥҵәеи аиҿкаара аҿиара апрограммеи, рыдыркылоит, иара убас анапхгара ҿыц алырхуеит.
"Ауаажәларра-патриоттә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" аԥҵан 2008 шықәсазы, усҟан аҿар рырцыхцыхразы ауасхыр ӷәӷәа шьҭанаҵеит. Аҵыхәтәантәи жәашықәса аиҭазхәыцра иаамҭан, иахьа, акыр шықәса ҳаззыԥшыз рылаҳҳәоит — ҳусура еиҭахацҳаркоит. Ҳфорум — хыҵхырҭа ҿыцуп. Ҳара, аԥҵаҩцәа рхеилак реизара ду мҩаԥаҳгоит, аҿар амҩа раҳҭоит, аиҿкаара адаҟьа ҿыцқәа азааҳартуеит", — иҳәеит "Аԥсны Ҿа" раԥхьатәи ахантәаҩы, Аԥсны АҶ рминистр Алиас Аҩӡба.
Афорум арҵаратә программақәа ԥшь-хырхарҭак рыла ишьақәгылоуп: арра-патриоттә ааӡара, ахатәгәаԥхара, аиқәырхаҩцәа ҿарацәа разыҟаҵара, аҿар рмедиақәа, аҿартә еиҿкаарақәа рыҿиара.
Уи адагьы, Аԥсни Урыстәылеи рҿартә еиҿкаарақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵыҩра азгәаҭоуп.