Гәдоуҭа Ақалақь амш азгәаҭара аҳаҭыраз асахьаҭыхыҩцәа рыбжьара аицлабра рылаҳәоуп
15:14 03.08.2026 (ирҿыцуп: 16:40 03.08.2026)

© Sputnik / Сария Кварацхелия
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 3— Sputnik. Гәдоуҭа Ақалақь амш азгәаҭара аҳаҭыраз апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа рыбжьара аицлабра рыланаҳәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи.
Ацәыргақәҵатә зал анапхгаҩы Илона Анқәабԥҳа Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, аицлабра иалахәхо аусумҭақәа зегьы Гәдоуҭеи Гәдоуҭа араиони ирызкызар ауп. Убри аан асахьақәа анҭыхыз аамҭа зхьарԥшра амаӡам.
Алахәылацәа русумҭақәа цәыргахоит цәыббра 1-6 рзы имҩаԥысраны иҟоу ацәыргақәҵаҿы. Аиааира згаз аҭааҩцәа ишьақәдыргылоит: иргәаԥхаз асахьақәа рзы рыбжьы рҭиуеит, авторцәа рыхьӡқәа иҷыдоу акәалаԥ иҭадырршәуеит.
Еиҳа абжьқәа зауз хҩык асахьаҭыхыҩцәа аԥаратә ҳамҭақәа роуеит. Урҭ рыхьӡқәа рыларҳәоит цәыббра 7 рзы Гәдоуҭа Ақалақь амш иазку аныҳәатә концерт аҿы.